Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Кәакәасқьыр аҵаҩцәа рзы Гал ашьапылампылтә дәы аартра иазкны

Sputnik
Ашьапылампылтә дәы рзеиҿкаауп аспорт иазҿлымҳау Галтәи аҵаҩцәа. Абаҩрҵәыра агәабзиара ианаҭо анырра инаҷыданы уи аҿар ииашаны аамҭа рхыргартә алшара рызҭо ҭыԥхоит. Аус шеиҿкаахаз, ашколи ақалақьи рзы ахҭыс аҵакы далацәажәеит Галтәи аҩбатәи абжьаратә школ адиректор Ахра Кәакәасқьыр.
"Аспорттә дәы еиҿкааны, фымцала еиқәыршәаны, иахьа унеины ашьапылампыл уасыртә еиԥш аҭагылазаашьа ҟаҵаны ацаԥха ҳнапы иадыркит. Аҵарашықәс ҿыц алагара аҽны официалла иаартны арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи рыбжьара аиҩызаратә хәмарра мҩаԥган. Макьана арҵаҩцәа аиааит, аха агәыӷра ҳамоуп аҵаҩцәа рыхәмарра еиӷьхоит ҳәа", - иҳәеит Кәакәасқьыр.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.