Аԥснытәи ашколқәа рҿы арҵаҩцәа разымхара азҵаара зыхҟьаз, ӡбашьас иамоу азы арадио Sputnik аефир аҟны адырраҭара "Аҳәатәи аҳәашьеи" аҟны ргәаанагара рҳәеит Аԥсны аҵара аминистрс аус зухьо, ААУ арҵаҩы, ауниверситет аҿы адкыларатә комиссиа аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩ Адгәыр Какоба, Жәлар реизара а-5-тәи ааԥхьара адепутатс иҟаз, Галтәи аҩбатәи абжьаратә школ адиректор Ахра Кәакәасқьыр, Гәдоуҭатәи актәи абжьаратә школ аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩы, ААУ аԥсуа бызшәа акафедра арҵаҩы Инна Џьуӷьелиаԥҳа.
Аԥсны ашколқәа 500-ҩык раҟара арҵаҩцәа рызхаӡом иахьазы.
Аԥсны аибашьра еилгеижьҭеи 1615-ҩык арҵаҩы изанааҭ зауны ауниверситет иалгаз иахьа уажәраанӡа рдипломқәа рымгаӡацт, иҳәеит Какоба. Ари ахыԥхьаӡара аҟынтәи 70% аҳәынҭқарра хықәкылатәи аҿаҵатәы ала араионқәа аҵарахьы инарышьҭыз роуп. Урҭ реиҳараҩык аҵара бзианы изҵаз, иахьа ззымхара ыҟоу арҵаҩы изанааҭқәа зауз роуп, иҳәеит Какоба. Иара иазгәеиҭеит, ауниверситет аушьҭымҭацәа ашколқәа рҿы ианнеиуаз, аҭыԥ ыҟам ҳәа ишрыдрымкылоз.
"Арҭ зегьы аҳәынҭқарра абиуџьет ала иазыҟаҵоу роуп. Аҵара аминистрра аҟны аус ахьынӡазуоз аҭагылазаашьа атәы сҳәоит, ақалақь школқәа рҿы ҩ-маҭәарк еиҳаны еилазыгӡоз ыҟамызт, аха ақыҭа школқәа рҿы сақәшәеит ԥшь-маҭәарк, хә-маҭәарк еизааигәақәам ианрыԥхьоз. Уа аус зуаз сааҭк сымшәхыр, аусура саҟәыҵуеит зҳәоз дубарын, даҽаӡәы аҽакы. Убри иахылҵыз аҭагылазаашьа ибзианы иаҳбоит, аҵыхәтәантәи ажәашықәса аҵара аҩаӡара акыр илаҟәит", - иҳәеит Какоба.
Ахра Кәакәасқьыр ицәажәараҟны иазгәеиҭеит иахьа аҵаҩцәа ахьырацәоу ақалақь школқәеи ақыҭаҿы иҟоуи рныҟәгаразы аҳәынҭқарра еиԥшны ахарџь аназтәо шыҟоу. Убри аҟынтәи иара игәаанагарала ақыҭа школқәа реидҵара аҭахны иҟоуп, ус ианыҟала, ақыҭа ԥсуеит ҳәа агәаанагарагьы дақәшаҳаҭым.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.