Аԥсуа милаҭтә хәмарра "Аимҵакьачара" иазку ареспубликатә жәларбжьаратәи аицлабра аартын Аҟәа цәыббрамза 4 рзы.
Ахәмарра аԥҟарақәа рыла, акомандақәа ркаԥданцәа лабала аҽхәыцмпыл иасуеит. Убри аан уи ампыл досу икомандахь иршәроуп. Ампыл зкыз деиханы амбанӡа днаӡароуп егьи акоманда алахәылацәа дрымпыҵамшәакәа.
Аицлабра иалахәуп акомандақәа жәба: Афон ҿыц, Кәтол, Дәрыԥшь, Ҷлоу, Аҷандара, Ԥақәашь, аҟәатәи актәи, ахәбатәи абжьаратә школқәа, амҳаџьырқәа рхылҵшьҭрақәа рыла еиҿкаау ҭырқәтәылатәи акоманда.
Аицлабра цәыббра 6 рҟынӡа имҩаԥыслоит. Аиҿкааҩцәа: Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс, Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аилак, Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы.