Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҭаркьыли Аҩӡбеи "Аимҵакьачара" иазку аицлабра ралахәхара атәы

Sputnik
Аԥсуа милаҭтә хәмарра "Аимҵакьачара" иазку жәларбжьаратәи аицлабра мҩаԥысуеит Аҟәа. Уи иалахәуп акомандақәа жәба: Афон ҿыц, Кәтол, Дәрыԥшь, Ҷлоу, Аҷандара, Ԥақәашь, Аҟәатәи актәи ахәбатәи абжьаратә школқәа, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора аҿарацәа рыла еиҿкаау акоманда. Аҭоурых ду змоу аԥсуа милаҭтә хәмаррақәа реиқәырхареи рырҿиареи хаҭала знапы алаку акомандақәа рлахәылацәа Асҭан Ҭаркьыли Анрик Аҩӡбеи арадио Sputnik аефир аҟны еиҭарҳәеит аицлабра аҟынтәи иззыԥшу.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Аԥсуа милаҭтә хәмарра "Аимҵакьачара" аԥҟарақәа рыла, акомандақәа ркаԥданцәа лабала ауапцәа-мпыл иасуеит. Убри аан уи ампыл досу икомандахь иршәроуп. Ампыл зкыз деиханы амбанӡа днаӡароуп егьи акоманда алахәылацәа дрымпыҵамшәакәа.
Атурнир цәыббра 6 рҟынӡа имҩаԥыслоит. Уи еиҿыркааит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс, Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аилак, Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы.