АҞӘА, цәыббра 4– Sputnik. Еиду аштатқәа гаӡарыла егьырҭ атәылақәа адоллар мап ацәыркыртә иҟарҵоит ҳәа иҳәеит Владимир Путин Адунезегьтәи аекономикатә форум аҟны иқәгылараҿы.
Иара иҳәеит Урыстәыла адоллар мап шацәнамкуаз, иара мап ацәыркит, убри азы егьырҭ алшарақәа ԥшаатәхеит.
"Амилаҭтә валиутақәа рахь ҳаиасит. Иақәгәыӷуан (ЕАА- азгә.) ҳара ҳҿы зегь аилаҳара, аха ахырхарҭа аҽакхеит. Авалиута ахархәара ахырхарҭа аекономика аҿиара иадҳәалоуп", — ҳәа иҳәеит иара.
Sputnik — АЕФ -2024 аинформациатә партниор хада.