Арадио

Ԥаҷкориа аҿар Ҭырқәтәылантә аицлабра "Аимҵакьачара" Аҟәа ралахәхаразы: сгәы арԥшаауеит

Sputnik
Арҭ амшқәа рзы Аԥсны имҩаԥысуеит амилаҭтә хәмарра "Аимҵакьачара" иазку жәларбжьаратәи аицлабра, уаҟа еиндаҭлоит жә-командак. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп амҳаџьырцәа рхылҵшьҭрақәа рыла еиҿкаау ҭырқәтәылатәи акоманда. Уи напхгара азызуа Ҭырқәтәыла иҟоу Балбалы (Калдахәара ақыҭа) ахада Ерџьаи Ԥаҷкориа арадио Sputnikаефир аҟны еиҭеиҳәеит акоманда аизгара шыҟалаз, аҿар ари аспот хкы ахьынӡарыцааиуа, иахьынӡаргәаԥхо атәы.
Ԥаҷкориа ицәажәараҟны иҳәеит напхгара ззиуа аҿарацәа ргәыԥ иалоу шеигәырӷьо ироуз аҭагылазаашьа амилаҭтә хәмарразы аиндаҭлара Аԥсны рхы аладырхәыртә еиԥш. Иазгәеиҭеит ас еиԥш алшара иара игәы шарԥшаауа, аԥсуа аҿар ахьеибанарбо акрызҵазкуа акәны дшахәаԥшо.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Аԥсуа милаҭтә хәмарра "Аимҵакьачара" иазку жәларбжьаратәи аицлабра мҩаԥысуеит Аҟәа. Уи иалахәуп акомандақәа жәба: Афон ҿыц, Кәтол, Дәрыԥшь, Ҷлоу, Аҷандара, Ԥақәашь, Аҟәатәи актәи ахәбатәи абжьаратә школқәа, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора аҿарацәа рыла еиҿкаау акоманда.
Аицлабра цәыббра 6 рзы ихыркәшахоит. Уи еиҿыркааит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс, Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аилак, Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы.