Урыстәыла

Америкатәи ажурналист урыстәылатәи АИХ-қәа рганахь ала асанкциақәа мҵақьақьароуп иҳәеит

Еиду аштатқәа асанкциақәа аларгалеит "Россия сегодня", РИА Новости, RT, Sputnik, Ruptly, Маргарита Симониан, RT аусзуҩцәақәак рганахь ала.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 6 - Sputnik. Еиду аштатқәа урыстәылатәи АИХ-қәа рганахь ала асанкциақәа аларгалеит, убри аан рыдгылаҩцәа рмедиақәа аԥарарзоужьра иақәшаҳаҭуп ҳәа иҳәеит РИА Новости зыҿцәажәаз америкатәи ажурналист Џьексон Хинкл.
"Ари иагьырччагоуп, иагьгәкажьгоуп, избанзар ҳара иаадыруеит Канада, Британиа Ду, Израиль реиԥш иҟоу Америка иаҩызцәоу атәылақәа р-АИХ-қәа ас еиԥш иҟоу аизыҟазаашьақәа рыманы аԥара рзоужьраз азин шыҟоу. Анцәа иумҳәан, ари аҩыза Урыстәыла иҟанаҵар, адунеи аҿы иҟоу аиаша аҳәар", - ҳәа иҳәеит Хинкл Мрагыларатәи аекономикатә форум аҟны аинтервиу рыҭо.
Ажурналист иҳәеит, Аштатқәа рҿы алхрақәа ааигәахоит, абҵара аламҭалаз Вашингтон анапхгара рганахь ала ацензура еиҳагьы ишеиҳахо.
Еиду аштатқәа асанкциақәа аларгалеит "Россия сегодня", РИА Новости, RT, Sputnik, Ruptly, Маргарита Симониан, RT аусзуҩцәақәак рганахь ала.
Вашингтон агәаанагарала, "Россия сегодня", иара иаҵанакуа аиҿкаарақәа "аҳәаанырцәтәи амиссиақәа" ҳәа ишьазароуп, избанзар урҭ Москва анапаҵаҟа иҟоуп.