Урыстәыла

Жәларбжьаратәи аимак-аиҿактә клуб "Валдай" 20 шықәса ахыҵит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 6- Sputnik. Жәларбжьаратәи аимак-аиҿактә клуб "Валдай" 20 шықәса ахыҵит.
Аклуб актәи аилатәара мҩаԥган 2004 шықәса цәыббра 2 рзы аӡиа Валдаи рацәак иацәыхарамкәа Велики Новгород аҟны, цәыббра 6 рзы клуб аекспертцәеи Урыстәыла ахада Владимир Путини еиԥылеит.
Валдаитәи аицәажәарақәа — ари XXI ашәышықәса аполитикаҟны, еснагь ихадоу аганқәа харҭәааны иаанырԥшуеит", - ҳәа иазгәеиҭеит 2023 шықәсазы аклуб аилатәараҿы Урыстәыла ахада Владимир Путин ажәахә ҟаҵо.
20 шықәса рыҩнуҵҟа "Валдаи" аусура рхы аладырхәит 85 тәыла рҟынтәи зықьҩык инареиҳаны асасцәа. Урҭ рыбжьара иҟан аполитикцәа, аекспертцәа, ауаажәларратәии акультуратәии усзуҩцәа.
Аклуб уажәгьы адунеижәларбжьаратә еизыҟазаашьақәа, аглобалтә политика, ашәарҭадара, асоциалогиа аусхкқәа рҟны адунеитә ҩаӡара змоу аҟазауаа аус рыцнауеит.