АҞӘА, цәыббра 7 - Sputnik. Аԥсуа бџьар амузеи аадыртырц ргәы иҭоуп Аҟәатәи абаа аҵакыраҿы. Уа ицәыргахоит ажәытә бџьар еиԥш, уи аиԥш зеиԥшны аҭыԥантәи аҟазацәа иахьатәи аамҭазы иҟарҵо абџьар хкқәагьы.
Амузеи ҟалоит Аҟәатәи абаа аҩада-мраҭашәаратәи абастион аҿы, уажәы уа археологиатә жрақәа ирҿуп.
"Ҳаилазаара апроект шьақәдыргылеит, уи Аԥсны Аҭоурых-культуратә ҭынхахьчара аусбарҭа азыразхеит. Уажәшьҭа уи аҟазацәеи аконструкторцәеи еицхырааны азал аиҿкаашьеи адәахьтәи аԥшреи зеиԥшрахо ашьақәыргылара иаҿуп", — ҳәа еиҭеиҳәеит Асахьаҭыхыҩцәеи абџьарҟаҵаҩцәеи реилазаара "Х-напы" ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Рауль Кобахьиа.
Ари акультуратә проект анагӡаразы аусурақәа шцо атәы инарҭбааны шәаԥхьар шәылшоит Sputnik Аԥсны асаит аурыс версиа адаҟьаҿы >> https://dzen.ru/a/ZtvvtKfqUCkjWtF1