Арадио

Ҭаниаԥҳа еиҭалҳәеит Аџарра ашьхаҟны рыҭҵаарақәа лҵшәас ироуз атәы

Sputnik
Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра аҟазацәа ашьха Аџарра аҟны иҭырҵаауеит аламала иуԥыхьамшәо аҵиаақәа. Дара рныҟәараан 2600 метра амшын инахыкны аҳаракырахь ихалеит, 18 километра иназынаԥшуа ицеит. Уи аԥхьа аҳәырԥсарра аҭҵаарадырра аусзуҩцәа Аџарра уаатәи ахәҭа иахьаҵанакуа имнеицызт. Иззыԥшыз алҵшәақәеи, ирылшази, уи аԥхьа ирымаз адыррақәа зладырбеиази дырзааҭгылеит Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк аҭҵаарадырра аҟәша аиҳабы Инга Ҭаниаԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, ашьхарнаша ҩежь аҭҵаара, уи аҭыԥ аԥшаара акәын Аџарра ашьхахь рныҟәара хықәкыс иамаз. Изышьҭаз аҵиаа сынтәа ирԥыхьамшәеит, аха ҳаԥхьаҟа ҩаԥхьа ицарц ауп. Ҭаниаԥҳа илҳәеит иахьнеиз аҭыԥ аҟны ишырбаз уи аԥхьа уа иарбамыз егьырҭ аҵиаақәа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.