Аҟәатәи амаамынқәа аԥхынразы ирыԥсҭазаашьоу, ирацәаҩызма амаамынааӡарҭа иаҭааз, уадаҩрақәас ирымоу атәы еиҭалҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны Амаамынааӡарҭа аҭҵаарадырра-приматологиатә музеи аиҳабы Альдона Салаҟаииаԥҳа.
Амаамынааӡарҭа иаҭааз атуристцәа ҵыԥх аасҭа сынтәа рхыԥхьаӡара еиҵоуп, лҳәеит Салаҟаииаԥҳа. Лара иазгәалҭеит, аҭаааҩцәа еизҳарц азы атуристтә фирмақәеи дареи аусеицуразы аиқәшаҳҭрақәа шрыбжьоу, аха амҩа аҭагылазаашьа иахҟьаны дара рышҟа анеира зҭаху шмаҷу, ари азҵаара хәышықәса раахыижьҭеи ӡбашьа амамкәа ишыҟоу
"Убриаҟара сынтәа амҩа ҳацәшәон, машәырда аԥхын ҳхаҳгеит анцәа иџьшьаны. Ауаа еиҳарак амашьына мҩала ауп ишаауа, шьапыла ихало иаҳа-иаҳа имаҷхоит, насгьы ашоура аан ицәгьоуп. Анкьа фҩык аекскурсиа амҩаԥгаҩцәа ҳаман, сынтәа хҩык рыԥсы ааиҭакуа ҩба-хԥа гәыԥ мҩаԥыргон. Ари, ҳәарада, ԥсшьароуп ҳара ҳзы, убри аҟынтәи ҳбиуџьетгьы, анаҩстәи анаукатә усгьы ианыԥшуеит, ауалафахәгьы", - лҳәеит Салаҟаииаԥҳа.
Лара иазгәалҭеит иара аекскурсиа агәыԥқәагьы хыԥхьаӡарала ишырацәамыз.
Убасгьы Салаҟаииаԥҳа илҳәеит, Аԥсны еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рахь атуристцәа аблеҭқәа рзызҭиуа рус ҽеишәа иахьырзымдыруагьы иахҟьоит амаамын ааӡарҭа иаҭаауа ахьырацәаҩым ҳәа.
Аҟәатәи амаамынааӡарҭа атуристтә сезон азы аус ауеит есҽны асааҭ 10 инаркны ахәылбыҽха асааҭ 5-нӡа, иаҭаауа адуцәа 400 мааҭ ршәоит, ахәыҷқәа 7 инаркны 12 шықәсанӡа зхыҵуа 130 мааҭ.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.