Арадио

Қаџьаиа Александр Маслиаков изы: аԥсуаа лымкаала пату ҳақәиҵон

Sputnik
Иԥсҭазаара далҵит 83 шықәса ирҭагылаз, ателемҩаԥгаҩы Александр Маслиаков. Зегь раԥхьа ҳтәыла ахьыԥшымра азхазҵаз ҳәа ишьҭоуп Александр Маслиаков КВН акоманда "Аԥснытәи Нарҭаа" алахәылацәа. Иара аҿар дшырзыҟаз, изеиԥшраз изнеишьақәа, илагалеи идҳәалоу агәалашәарақәеи ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит акоманда "Аԥснытәи Нарҭаа" алахәыла Алхас Қаџьаиа.
Александр Маслиаков егьырҭ акомандақәа рзы дыџьбаран, аха ҳара - аԥсуаа лымкаала даҳзыҟан ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Қаџьаиа.
Алхас игәалаиршәеит, Александр Маслиаков Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа ахьӡ ииашан иахьимҳәаз азы асценахь ишцәырымҵыз ахҭыс атәы.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.