Арадио

Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп: Амҷба ақыҭа хныҟәгагас ишыҟаиҵаз иазкны

Sputnik
Арасаӡыхь инхо, занааҭла иветеринару Ахра Амҷба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, ақыҭа иабзоураны ҭаацәаныла рхы шныҟәырго атәы, раалыҵ шырҭиуа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.