Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Џьыкырԥҳа ҳџьынџьуаа Аԥсны рынхара иадҳәалоу ауадаҩрақәа ирызкны

Sputnik
Ауаажәларратә палатаҿы имҩаԥысит ҳџьынџьуаа рымадаразы акомиссиа алахәылацәа реилатәара аижәлантәқәа реибабара азҵаара инамаданы. Аиԥылара алахәыла, Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра Гәдоуҭатәи амузеи аиҳабы Гәыгәыца Џьыкырԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит, уаҟа ишьҭых азҵаарақәа ртәы, насгьы ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл аҿы рынхара иадҳәалоу ауадаҩрақәа.
Аиԥылара иалахәыз зегьы иазгәарҭеит, ҳџьынџьуаа рырхынҳәра – ҳаԥсадгьыл шеиқәнархо, ҳәа лҳәеит аинтервиу аҿы Џьыкырԥҳа.
Уаҟа иазгәаҭан араион ахадацәа, ақыҭақәа рхадацәа ирацәажәаны, аижәлантәқәа аҩнқәа иҭацәқәоу рҿы ҳџьынџьуаа ндырхарцаз. Џьыкырԥҳа илҳәеит, иаарц згәы иҭоу имжьакәа иахьааҳауа шраҳәатәу, убри аан аижәлантәқәа иҟарҵо аидгылара араҟа ишыхадоу. Лара ҿырԥштәыс иаалгеит Соулаҳ Леиба иҭоурых.
"Иахганы иргаз рынхашьа азҵаара, рааигәара аҟазаара еснагь иҳацзароуп", - ҳәа инаҵылшьит Џьыкырԥҳа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.