"Аҟаза игәалашәара" ҳәа хьӡыс измоу ателехәаԥшратә проект актәи аҭыжьымҭа лызкуп Марина Ешԥҳа. Адырраҭара ӡырган "Абаза-ТВ" аҿы.
Асахьаҭыхратә галереиа абылраан даара ирацәаны асахьаҭыхыҩцәа рҭынха ааха аиуит, иҟоуп зынӡа иаҳцәыӡыз, убри аҟнытә апроект аҿы еиуеиԥшым афондқәа рҿы иҟоу, иаҳцәыӡыз, иара убас асахьаҭыхыҩ ихаҿсахьа ҳәа азгәалҭеит Арсалиаԥҳа.
"Иахьа аинтернет аҿы имаҷуп аинформациа аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа ртәы зҳәо. Шаҟа ҳазҭагало - уи еиҳагьы иарбеиоит. Иахьатәи аамҭаз аинформациа алаҵәара иабзоураны егьырҭ атәылақәа рҿгьы ҳарбоит, ҳардыруеит. Асахьаҭыхыҩцәа шаҟа иӡыраҳго аҟара, урҭ рдырлоит Аԥсны анҭыҵгьы. Акультура аԥсҭааараҿы асахьаҭыхыҩцәа рроль маҷӡам, урҭ аамҭала рхы ахьӡырыргаша аҭыԥ ахьрымам азы, амедиапроект ала ихаҳарҭәаауеит", - ҳәа еиҭалҳәеит Арсалиаԥҳа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.