Арадио

Бебиа: абна ԥсабарала ишьақәымгылозар, шамахамзар ус алшара ҳамам

Sputnik
Абнақәа рбылра адгьыл азы иарбан шәараҭарақәоу ицәырнаго, ана-ара аҭыԥқәа рҟны аҳәазарақәа рҽацәыхьчаразы аҭагылазаашьа ԥсахшьас иамоу ртәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит аҵарауаҩ–абиолог, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада ихаҭыԥуаҩ, академик Сергеи Бебиа.
Абнақәа рбылра есышықәса иҟалалоит адунеи зегь аҟны еиԥш Аԥсынгьы. Уи аекосистема акыр анырра анаҭоит, ашәарҭарақәа аԥнаҵоит аҳауатә ҭагылазаашьазы, ауаҩы изы. Ааха зауз абна аиҭарҿиаразы, аҵлақәа реиҭаҳаразы иахьа Аԥсны аҭагылазаашьа ыҟам, иблыз абна ахала еиҭамҿиозар ҳәа иҳәеит аҵарауаҩ ицәажәараҟны.
"Абна амца ахьакыз аҭыԥ аҟны еиҭаҳаны ашьақәыргылара ԥсабарала иҟамлозар, шамахамзар уи ҟаҳҵартә алшара ҳамаӡам, егьыҟарамҵацт макьана", - иҳәеит Бебиа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.