Афон анхацәеи, ақалақь анапхгаҩцәеи ирыбзоураны аспорттә коплекс аҿы ицоит аремонттә усурақәа. Урҭ ахьынӡанагоу атәы далацәажәауа Смыр иҳәеит, ҩымз-хымз иалагӡаны ахәыҷқәа ахыбра иҩналартә еиԥш алшара шыҟало атәы.
"Аспорттә комплекс аҿы аусурақәа уаанӡагьы аусурақәа ирылагахьан, аха уи азхаӡомызт. Ибзианы нап адкылатәын. Афонаа зегьы ҳаизаны ари азҵаара анықәҳаргыла, иҳамаз зегьы еидаҳкылеит. Администрациа ҳгәы иҭоу анраҳҳәа, урҭгьы ҳадгылеит. Актәи аихагылаҿы абокс азы аҽазыҟаҵарҭатә зал ыҟан, аха еиҳагьы уадақәа рацәахарцаз, аусурақәа ирҿуп аҩбатәи аихагылаҿы. Зегьы анеидгылалак, иузыҟамҵо ҳәа акгьы ыҟаӡам", - ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәжәараҿы Смыр.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.