Арадио

Анқәаб еиҭеиҳәеит аӡымҩангагақәа рыԥсахра иаҳа иаҭахны иахьыҟоу амҩадуқәа

Sputnik
Аҳҭнықалақь аҟны аӡымҩангага цәаҳәақәеи аӡцрыҵқәеи абанӡаԥсаху, уажәтәи аӡаанкылара мзызс иамоузеи, аӡымҩангагақәа иаҳа иԥсахтәны иахьыҟоу амҩадуқәа ртәы еиҭеиҳәеит Аҟәа ақалақь "Аӡыршьҭра" анџьныр хада Мераб Анқәаб.
Иахьа аҳҭнықалақь ахәҭак ӡыда иҟоуп ажәытә ӡымҩангага аҿыцла иахьырыԥсахуа иахҟьаны. Аӡы ҟалаӡом асааҭ 21 рҟынӡа, ҳәа аанацҳаит аҳҭнықалақь "Аӡыршьҭра".
Аҟәа иахьазы иԥсаху 8-10% аӡымҩанагақәа роуп, иҳәеит анџьныр хада.
Искандер, Басариа, Армеискаиа амҩадуқәа рҟны аӡымҩанагақәа рыԥсахра аҭахны иҟоуп аԥхьа инаргыланы. Ирацәоуп егьырҭ амҩадуқәагьы аусурақәа ус еиԥш иахьымҩаԥгатәу, иҳәеит Анқәаб.
"Аплан аҿы аусрақәа арбоуп, аха урҭ аҟәрышь, афинансқәа ирыдҳәалоуп. Асметақәа мазеины иҟоуп хԥа-ԥшьба мҩаду рзы, аха ҳамчала иаҳзыԥсахӡом, аԥара аҭахуп", - иҳәеитАнқәаб.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.