АҞӘА, цәыббра 12 – Sputnik. Ашықәс иалагазар Шәача иаднакылахьеит ф-миллионҩык атуристцәа ҳәа иҳәеит ақалақь ахада Андреи Прошунин.
2023 шықәса аҩнуҵҟа ақалақь иаҭааит быжь-миллионҩык инареиҳаны, сынтәа аа-миллионҩык ҟалап ҳәа иԥшуп.
Уаанӡа атуроператорцәа ишырҳәоз ала, Урыстәылатәи атуристцәа Аԥсныҟа миллион ныҟәара мҩаԥыргеит, урҭ рҟынтәи 45% Краснодартәи атәылаҿацә аҟынтәи мышкы ҳәа арахь иҭалеит.