Арадио

Гәбаз еиҭеиҳәеит, аботаникатә баҳчаҿы аҵиаақәа рхыԥхьаӡара шхадырҭәаауа атәы

Аҟәатәи аботаникатә баҳча аиҳабы Едуар Гәбаз арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аԥхын аамҭа шырхыргаз атәы, иарбан ҵиаақәоу ҿыц еиҭаҳау, насгьы ахәаҷақәа ԥырхагас ирырҭо атәы.
Sputnik
Ҳара ҳахь иаауа иҵауланы аԥсабара ҭызҵаар зҭаху роуп. Иааиуа даара гәахәарыла ирыдыркылоит, афотоматериал рацәаны иҟарҵоит, ҳәа азгәеиҭеит ицәажәараҿы Гәбаз.
"Есаамҭа ишәҭуа аҵиаақәа ҳамоуп. Сынтәа иҳарбеиеит ашәҭқәа рыхкқәа. Убри гәахәарыла ирыдыркылоит иааиуагьы. Урҭ Африка, Лада Американтәи иаагоуп, лассы иуԥылом", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Иаҳа инарҭбааны аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.