Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Амҷба ауниверситет азеиԥшнхарҭа аусура иазкны

Sputnik
Ашәахьа инаркны Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҵарашықәс ҿыц хацнаркуеит. Ари аҵараиурҭа азеиԥшынхарҭа иаҭагылазаашьоу, сынтәа аусура иахьынӡазыхиоу, бжьаратәла шаҟаҩы аднакыло атәы еиҭеиҳәеит Аҳәынҭқарратә университет азеиԥшнхарҭа аиҳабы Зураб Амҷба.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет азеиԥшнхарҭа аус ауеижьҭеи фышықәса ҵуеит. сынтәа уаҟа аангыларазы 130-ҩык раҟара арзаҳалқәа аларҵеит, урҭ рахьынтә 40-ҩык рҟынӡа ҿыцны иҭалаз роуп, иҳәеит Амҷба. Азеиԥшынхарҭаҟны аангылара мызкы ҩ-нызқь мааҭ иаԥсоуп. Ари аԥхын иалагӡаны ахыбраҟны аҭагылазаашьа аиӷьтәразы, уа инхо ргәы ақәкны иҟаларц, аԥсахрақәа маҷымкәа имҩаԥган ҳәа азгәеиҭеит ААУ азеиԥшнхарҭа аиҳабы Зураб Амҷба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.