Арадио

Мышәба ахәыҟаҵаҩцәа рҭахра ахьынӡаҟоу иазкны

Sputnik
Аԥснытәи аусхкырацәатә коллеџь аҵарашықәс хацнаркит. Сынтәа абитуриентцәа ирыдгаз ахырхарҭақәеи, астудентцәа еиҳа рхы ззыркыз азанааҭқәеи, аколлеџь иҭало аҿар рдыррақәа рыҩаӡареи атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, Аԥснытәи аусхкырацәатә коллеџь адиректор Џьумбер Мышәба.
Аколлеџь иаднакылеит сынтәа 100-ҩык рҟынӡа. Еиҳарак хырхарҭас иалырхыз ахааҟаҵара, аԥсуа чыс ҟацара, ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Мышәба.
Зынӡа иахьатәи аамҭаз аколлеџь аҿы аҵара рҵоит 160-ҩык астудентцәа. Актәи акурс инаркны дара зегьы аусура иалагоит. Мышәба еиҭеиҳәеит, ахәыҟаҵаҩцәа рзы аҭыхра ахьынӡаҟоу, насгьы урҭ анаплакыҩцәа аусура анрыдыргало, ирзаԥырҵо аҭагылазаашьа атәы.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.