Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылеи Украинеи рытҟәацәа еимырдеит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 14 – Sputnik. Урыстәылеи Украинеи рытҟәацәа еимырдеит ҳәа аанацҳауеит атәылахьчара аминистрра.
Украина итҟәаны ирымаз урыстәылатәи аруаа 103-ҩык ырхынҳәуп.
Уажәы урыстәылатәи аруаа Беларусь иҟоуп, аха хара имгакәа Москваҟа иаагахоит амедицинатәии апсихологиатәии цхыраара рыҭаразы.
Аиҭныԥсахлараҿы абжьаҟазаратә цхыраара ҟанаҵеит Еиду Арабтә Емиратқәа.