Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Сангәылиа Анхәа ажәытәан ауахәама ахьыҟаз ажрақәа ртәы

Sputnik
Анхәа ақыҭа Бжьылҩа аҳабла иҟоу ижәытәӡатәиу ауахәамақәа руак аҭыԥ аҟны нанҳәазы археологцәа нап здыркыз аԥшаарақәа ахԥатәи асезон хыркәшоуп. Иҭырҵаауан заатәи абжьарашәышықәса аналагои иҿио абжьарашәышықәсахь ианиасуеи ҩ-аамҭахәык. Сынтәатәи археологиатә жрақәа шхыркәшахаз, лҵшәас ирымаз атәы еиҭеиҳәеит Аԥсуаҭҵааратә институт ажәытәи абжьарашәышықәсақәеи рҭоурых аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы Гарри Сангәылиа.
Иара иҳәеит сынтәатәи ажрақәа ирылҵшәаны шьҭа ауахәама аҵакыра, ишеиҿкааз, аргылашьа еилургартә иҟалеит ҳәа. Убасгьы иԥшаан еиуеиԥшым амаҭәарқәа рыхәҭақәа.
"Аргылара архитектуратә материал инадкыланы иаҳбаз амаҭәарқәа ажәытә ҩыра иатәқәаз, иԥшьоу ашәҟәы иақәыз арԥшӡагақәа инаркны, аџьабаа адбаланы уаҩ дзеигәырӷьаша аԥшаахқәа зеиԥш ыҟам хыҵхырҭаны аԥсуа культура, аԥсуа ҭоурых иаланагалеит", - иҳәеит Сангәылиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.