Арадио

Ҳагба Иванишвили иҳәамҭазы Аахыҵ Уаԥстәыла аҿаԥхьа аҭамзаара ашьҭаҵаразы: агәра гатәым

Sputnik
Қырҭтәыла анапхгаратә партиа "Грузинская мечта" ахантәаҩы Иванишвили аҳәамҭа ҟаиҵеит Қырҭтәыла имҩаԥысран иҟоу апарламенттә алхрақәа рышьҭахь апартиа аиааира агар, усҟан Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар рҿаԥхьа аҭамзаара шышьҭарҵо, Август 8 2008 шықәсазы излагаз аибашьра инамаданы. Ари аҳәамҭа арадио Sputnik аефир аҿы ахҳәаа аиҭеит аполитолог Беслан Ҳагба.
Иванишвили иҳәамҭа Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ахҳәаа азыҟаҵауа иалнакааит ари раԥхьатәи шьаҿахар алшоит ҳәа ҭынчрыла аицынхареи агәылеимабзиареи рзы.
Аполитолог Беслан Ҳагба игәаанагарала, Иванишвили иҳәамҭа алхрақәа ирыдҳәалоуп, уи гәык-ԥсыкала иҳәам, агәра гатәым ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.