Арадио

Аспециалист еиҭалҳәеит, ахәыҷбаҳчақәа рҿы абызшәа дырҵаразы апрограмма ҿыц аус шауло

Sputnik
Аԥсны аԥыза министр иҿы имҩаԥысит аҵара аминистрреи, абызшәатә политиказы аҳәынҭкарратә еилаки, Апедогогикатә институти рхаҭарнакцәа злахәыз аиԥылара. Иалацәажәеит аус зыдулахаз ашколқәранӡатәи ахәыҷқәа ахатәы бызшәа дзырҵаша апрограмма апроект. Апедогогикатә институти Гәдоуҭа араион аҵараҟәшеи рспециалист Римма Гагәылиа-Џьниа арадиоефир аҿы еиҭалҳәеит аиԥылараҿы иззааҭгалаз азҵаарақәа ртәы.
Ҿыц иазырхиоу ашколқәранӡатәи ахәыҷқәа ахатәы бызшәа дзырҵаша апрограмма агәаҭара иахыжьын Гәдоуҭатәи ахәыҷбаҳчақәа руак аҿы, иара убас Гәылрыԥшь араион аҿы. Ишԥарыдыркылеи ахәыҷқәа, уи аԥхьаҟа абызшәа адырразы алыҵшәақәа аанашьҭыртә иҟалома, абри атәы шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҟны.