Аԥсны

Гал аӡы анашьҭразы аамҭеихша аларгалеит

Уаанӡа ирҳәахьан, ақалақь аӡымҩангагақәа рҿы ауадаҩрақәа зыхҟьо ақәаурақәа ахьмаҷуи аӡымҩангагаҿы лассы-лассы амашәырқәа рыҟалареи шракәу.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 18 — Sputnik. Иахьа инаркны Гал аӡы анашьҭразы аамҭеихша алагалахоит ҳәа аанацҳауеит "Гал-Медиа".
Асеиԥш аҭагылазаашьа аӡеизакырҭа дуқәа рҿы аӡы аҩаӡара ахьылаҟәыз иахҟьеит.
Еиҩшо амшқәа рзы аӡы роулоит Самырзаҟантәи амҩа ахыхь инхо ақалақь аладатәи ахәҭа ауааԥсыра, еиҩымшо амшқәа рзы — Самырзаҟантәи амҩаҟынтә амшын ахь игоу ақалақь аҩадатәи ахәҭа ауааԥсыра.
Гал еиԥҟьарада аӡы аиура алыршахоит иааиуа амчыбжьқәа рзы.
Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара
Ешыра аӡхагалагатә станциа аиҭашьақәыргылара иалагеит