Ҭыркәтәыла инхо аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа иреиҳау аҵараиурҭақәа руак аҿы аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаразы аҭагылазаашьақәа ҟалеит. Диузжьетәи ауниверситет аҿы имаԥган раԥхьатәи аурок. Ишԥалыршахе ари аус, ҳықәыкыс иамоузеи, алекциақәа рахь иныҟәода, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит, Ҭырқәтәыла акультуратә хеидкылақәа рфедерациа алахәыла, ауниверситет аҿы астудентцәа ируаӡәкхаз Аҭанур Аҟәысба.
2014 шықәса рзы Диузжьетәи ауниверситет аҿы Кавказтәи абызшәақәа ҳәа рыҟәша анаартха, ақырҭшәеи, адыг бызшәеи, аԥсшәеи дырҵаразы азҵаара шьҭыхын. Аԥсшәа ада егьырҭ абызшәақәа рыҩбала аҵара алыршахеит иаразнак иҳәеит Аҟәысба аинтервиу аҿы.
"2017 шықәса рзы ари азҵаара еиҭа ҳнапахьы иааган, аиҳабыра ҳрацәажәеит. Аус ҳҽазаҳкит, арҵаҩцәа апрограмма еиқәыршәаны, ара аусура зылшаша еиқәыршәаны ҳшааиуаз, апандемиа ҟалеит. Быжьшықәса рышьҭахь астудентцәа аднакылеит аҟәша. Сынтәа иҭалеит 20-ҩык. Аԥсуа бызшәеи алитературеи мҩаԥызгало х-ҩык арҵаҩцәа Аԥснынтә иадыԥхьалоуп. Астудентцәа раԥхьатәи ҳаибара ашьҭахь иҟалаз ахҭыс зынӡа ҽакала ҳазнеит, ҳаибадырт, ҳаицәажәеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аҟәысба.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.