Аҟәа ақалақьтә еизара 2024 шықәсазтәи аҳҭнықалақь абиуџьет аԥсахрақәа аланагалеит. Аамз рыҩнуҵҟа ақалақь абиуџьет иалагалоуп 569,7 миллион мааҭ. Аҟәа хада Беслан Ешба иажәақәа рыла, абиуџьет 110% нагӡан, уи иабзоураны 75 миллион мааҭ ахашәала ҟалеит.
Аҳҭнықалақь ахада ажәалагала ҟаиҵеит арҭ аԥарақәа аргылара-арҽеиратә усурақәа, ақалақьтә маҵзурақәа атехника ҷыда рзаахәара, амшцәгьақәа раан ааха зауз ауаа ацхыраара рыҭара ирзырхарцаз.
Ақалақьтә еизара адепутатцәа аҳҭнықалақь анапхгара ражәалагала иадгылеит. Иалзыршазеи ақалақьтә биуџьет инеиҳаны ахашәала аиура, иарбоу ахырхарҭақәа иаҳа изалкаахаз афинансқәа рзоужьразы, арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аҟәа ақалақьтә еизара адепутат Роман Қәҭарба.
"Аҟәа ақалақь ашәахтәқәеи аизгақәеи рмаҵзура аусзуҩцәа даара аус бзианы ируит аԥара аизгаразы. Есышықәсагьы аобиект ҿыцқәа аатуеит, ашәахтәқәа ршәоит", - иҳәеит Қәҭарба.
Иара иазгәеиҭеит аргылара-арҽеиратә усурақәа аԥара рзоужьра шазыӡбаз, избанзар иҟоуп ихыркәшам аусурақәа Шамба ихьӡ зху апарк аҟны, Аҟәа Самаҭхәа ишьхаҟны.
Иара иҳәеит 20 миллион мааҭ раҟара - иҷыдоу атехника аахәара, 5 миллион мааҭк рҟынӡа - аԥсабаратә рыцҳарақәа ирыхҟьаны аԥхасҭа зауз афинанстә цхыраара рыҭаразы аҳҭнықалақь ахада ирезервтә фонд ахарҭәааразы ишдәықәҵаз, 50 миллион –аргылара ашҟа ишьҭхоит.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.