Аибашьра аветеран, Аԥсны Афырхаҵа, Ешыра - Афонтәи абаталион актәи арота адҵаҟаҵаҩ Рауль Смыр арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылараан дҵас ирымаз, аҳҭнықалақь шҭадырцәоз, игәалаиршәеит ирывыршьааз рҩызцәа агәымшәақәа.
Аибашьра аветеран иҳәеит рбаталион дҵас ишамаз Гәымсҭа ҩадатәи ацҳала аҳҭнықалақь алалара, Ачадара рнапаҟны аагара, Лечкоԥтәи ахырхарҭала амҩа аартра ирышьҭанеиуаз аерманцәа рбаталион азы, Ажәытә ҳабла, Аҳабла ҿыц, аихамҩатә ҵәахырҭақәа ирыҵанакуа ҭарцәны, аҟәарала ақалақь иалаланы Ацҳа Ҟаԥшь ахь анеира.
Гәымсҭатәи ахырхарҭаҟны имҩаԥысуаз ажәыларақәа зегьы ирылахәыз Ешыра-Афонтәи абаталион аибашьцәа 22–џьа Аԥсны Афырхаҵа ҳәа иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа иаԥсахеит.
"Аидысларақәа рацәан, аҷкәынцәа рацәаҩны иҳацәҭахеит, ҩныцыԥхьаӡа еибашьрала мацара иаҳгон, избанзар даргьы ҳадҵып ҳәа ргәы иҭаӡамызт. Уи уажәы аҳәара мариоуп, аха ирацәангьы ҳадхалеит, избанзар ақырҭуа еибашьцәа рыҽдырӷәӷәеит, даара рпозициақәа еиқәдырхар рҭахын. Ҳаҷкәынцәа гәашԥыла ахы иаҿагыланы, ашьа рыхьшы аџьабаа ду рбеит", - иҳәеит аветеран.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.