Аԥсны

Смыр Аҟәа ахақәиҭтәреи егьырҭ ажәыларақәеи ирызку игәалашәарақәа

Sputnik
Аԥсны Афырхаҵа, Ешыра-Афонтәи абаталион актәи арота адҵаҟаҵаҩ Рауль Смыр арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылараан дҵас ирымаз, аҳҭнықалақь шҭадырцәуаз, дрылацәажәеит егьырҭ ажәыларақәа рҿы изықәшәоз, ибла ихымҵуа ахҭысқәа, игәалаиршәеит ирывыршьааз рҩызцәа гәымшәақәа.
Шәахәаԥш инарҭбаау авидеонҵамҭа.