Арадио

Аветеран Ҭарба еиҭеиҳәеит, Аҟәа ахақәиҭтәраз цәыббратәи ажәылара шеиҿкааз атәы

Sputnik
Леон иорден занашьоу Валери Ҭарба арадио Sputnik аефир аҿы игәалаиршәеит Аҟәа ахақәиҭтәраз аҵыхәтәантәи ажәылара атәы, еиҭеиҳәеит Ешыра-Афонтәи абаталион аибашьцәа рҿаԥхьа иқәгылаз адҵа, аҳҭнықалақь ишалалоз.
1993 шықәса цәыббра 16 рзы аԥсуа ар Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылара иалагеит. 11 мшы иралыгӡаны аибашьцәа аҳҭнықалақь рнапахьы иааргеит. Цәыббра 27 – Аҟәа ахақәиҭтәра иамшуп.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.