Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ашәба акаҷыҷ иалху аԥсуа ҩы ахк ҿыц иазкны

Sputnik
Уажәааигәа Аԥсны аҩыҟаҵаҩцәа рассоциаициеи ақыҭанхамҩа аалыҵ азы Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара аҟәша акаҷыҷ иалху аҩы ахк ҿыц цәырыргеит. Егьырҭ аҩы ахкқәа излареиԥшым, иарбан гьаматә ҷыдароу иамоу, Аԥсны аӡахәааӡара шыҿио атәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит аҩыҟаҵарҭа "Ашәба иашҭа" аԥшәма, Аԥсны аҩыҟаҵаҩцәа рассоциациа иалахәу Нугзар Ашәба.
Ажь хкы акаҷыҷ ҳара ҳзы аҭыԥ ҷыда ааннакылоит, избанзар даҽаџьара иуԥылом, убри аҟынтә ишьҭаҳхроуп, еиҭаҳҳароуп ирацәаны, агрономиа, аҩыҟаҵара аганахьала аус адаҳулароуп, иҳәеит Ашба.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.