Гәырам Ҳагба "птурсшьики" ҳәа изышьҭаз агәыԥ далан. Иареи еиҭа 30-ҩык рҟынӡа аҷкәынцәеи гәыԥ-гәыԥла рҽеихшаны иҟан. Гәырам ихаҭа ПТУРС арра данахысуаз ибахьан, атәы идыруан, аха аибашьраҿы далахыслоит ҳәа игәы иаанагомызт. Ҩынтә Аԥсны Афырхаҵа иҭаирхаз атанкқәа рыӡбахә иҳәом, иаԥсыуарам уи иара изы.
Аҟәа ахақәиҭтәразы аҵыхәтәантәи ажәылара атәы еиҭаҳәауа иҳәеит, аибашьра иалашьцыланы ишцоз.
"Дәрыԥшьаа, Ҟәланырхәаа, Шьараҭынаа птуршьикцәа, еицыз абригадақәа зегьы Фуникулер ҳаизеит амза 27 рзы. Уаантә албаара ҳаналага иҭахаз рацәахеит. Каман анырга нахыс, Шрома ҳнеины Аҟәа ҳалаԥшуа ҳаналага, ҳшаиааиуаз ҳдыруан. Урҭ амшқәа рзы Гуслик даҳцәыршьит, Марина Ҭаниа – абарҭ ҳала ишабоз... Ари аҭагылазаашьа еиҳагьы угәы ԥнажәон, еиҳагьы ужәылоит, усҟан ҳгәы акалашәа иҟан…", - ҳәа еиҭеиҳәоит Ҳагба.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.