Арадио

Занҭариа еиҭеиҳәеит сынтәа Мықәашҭаҿы аныҳәа шеиҿкаахо

Аиааирамш аламҭалазы традициала Мықә ашҭаҟны имҩаԥысуеит аҽырыҩра. Ари аныҳәа ду еснагь еиднакылоит атәыла араионқәа рҟынтәи аспорт хкы иазҿлымҳау ауааԥсыра. Сынтәа аиҿкаашьа зеиԥшрахо арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит, аҽырыҩра аӡбаҩ хада Роман Занҭариа.
Sputnik
Цәыббрамза 28-29 рзы Мықә ашҭаҟны имҩаԥгахоит аҽырхәмаррақәа. Уи иалахәхоит хә- қыҭак - Арасаӡыхь, Баслахә, Тамшь, Кәтол, Уарча рҟынтә акомандақәа.
"Араион аԥхьахә агаразы аҽыхәмаррақәа актәи амш азы акомандақәа еиндаҭлоит агәыԥ аҟынтә аҭыҵразы. Аҩбатәи амш азы иҟалоит афиналбжеи афинали. Иара убри адагьы иҟалоит аҽырыҩрақәа. Дарбанзаалакгьы имоуп алшара иҽы ақәыргылара", - еиҭеиҳәеит Занҭариа.
Занҭариа иҳәеит, иааидкыланы араион аҿы аҽырхәмаррақәа ирыҵоу аинтерес атәы. Ақыҭақәа рхатә командақәа реидкыларазы имҩаԥырго аусура атәы.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.