Арадио

Занҭариа Мушьни Лашәриа изы: абаҩхатәра илан, аха ҵаралагьы даара дыӷәӷәан

Иԥсҭазаара далҵит аԥсуа литература аклассик Мушьни Лашәриа. Уи илшамҭақәа ртәы, амилаҭтә сахьаркыратә жәаҿы иаанижьыз ишьҭа атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит, академик Владимир Занҭариа.
Sputnik
Мушьни Лашәриа – Аԥсны жәлар рпоет, аиҭагаҩ, алитератураҭҵааҩ, "Ахьӡ-Аԥша" аорден актәи аҩаӡареи хыԥхьаӡара рацәала аҳамҭақәеи занашьоу.
2010 ашықәсазы Урыстәыла ахада Дмитри Медведев А.С. Пушкин имедал ианеишьеит "Евгений Онегина" аԥсшәахь аиҭагазы.
Мушьни Лашәриа Баграт Шьынқәба зшьапы икыз аклассикатә традициа ашьапы еихазҳәаз дыруаӡәкхеит, ҳәа иҳәеит Занҭариа. Иара дхаҭара дууны дцәырҵит, абзиабаратә лирика аԥсеивгарҭа аирҭеит Таиф Аџьбеи иареи, ҳәа нациҵеит.
"Данцәырҵ инаркны инапкымҭа мҩашьо, иара ихатәы бжьы иханы, аԥсуа цәа зыҟәныз, аԥсуа лирика адунеитә ҩаӡара аҟынӡа ишьҭызхыз классикуп", - ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Занҭариа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.