Аԥсны

Аиааира Амш - Цәыббра 30 рзы Аԥсны аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа

Цәыббрамза 30 рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан игаз Аиааира Амш азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ареспублика араионқәа зегьы рҿы имҩаԥгахоит.
Sputnik
Sputnik

Аҟәа

Цәыббрамза 30

10:00 - Ахьӡ-аԥша апарк аҿы иҟоу Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз Аԥсны жәлар рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара
11:00 - Арратә паради "Ԥсра зқәым архәҭеи"
11:30 - Аҳҭнықалақь амҩадуқәа рҿы маланыҟәала амҩасра
17:00 - Аҳәынҭқарратә филармониаҿы Аԥсны аҟазацәа злахәу аныҳәатә концерт
19:00 - Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы Аԥсуа естрада артистцәа злахәу аныҳәатә концерт
20:30 - Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы аныҳәатә салиут

Гәдоуҭа

Цәыббрамза 30

10:00 - Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рбаҟа аҿаԥхьа амитинг
11:00 - Сергеи Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи амузеи аҿы афотосахьақәа рцәыргақәҵа
12:00 - Гәдоуҭатәи аспорттә школ аҿы ашахматтә турнир
18:30 - Акциа "Агәалашәара ацәашьы"
19:00 - Аныҳәатә концерт
20:30 - Асалиут

Афон ҿыц

Цәыббрамза 30

10:00 - Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара
11:00-11:30 - Уи ашьҭахь, Аибашьратә фырхаҵараамузеи аҿы амитинг мҩаԥысуеит, Урыстәылантәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз Александр Бардодым инышәынҭраҿы ашәҭқәа шьҭарҵоит
19:00 - Ақалақь астадион аҿы аныҳәатә концерт
Аныҳәатә салиут

Гагра

Цәыббрамза 30

11:00 - Аԥсны ахьчаҩцәа рбаҟа амҵан ашәҭқәа рышьҭаҵара
17:00 - Аиааира ашҭаҿы афотоцәыргақәҵа "Gagra-FOLK"
18:00 - Аиааира ашҭаҿы араионтә коллективқәеи аестрадатә артистцәеи злахәу аконцерттә программа

Очамчыра

Цәыббрамза 29

12:00 - Мықә ақыҭан аҽыбӷаҟазаратә хәмаррақәа раартра. Еиуеиԥшым абжьаӡарақәа рыла еиԥхныҩлоит, аҽылампыл, аҵәеигәыдҵа, аҳәаҟьаразы еицлабуеит.

Цәыббрамза 30

10:00 - Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара
Аныҳәатә салиут

Тҟәарчал

Цәыббрамза 29

17:00 - Акультура Аҩны аҿы аныҳәатә концерт

Гал

Цәыббрамза 30

11:00 - Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы иҭахаз рзы аобелиск аҿы ашәҭқәа рышьҭаҵара
11:30 - Аныҳәатә митинг
12:00 - Араион Ахадараҿы асахьақәа рцәыргақәҵа
13:00 - Акультура Аҩны аҿы агәырӷьаратә ныҳәеит ансамбль "Мырзаҟан" аконцерттә программеи
22:00 - Гал ақалақь аҿи Егры аҳәааҿы асалиут