Арадио

Аветеран Блаб: Аҟәа шҭаҳарцәуаз азы агәрагара еснагь исыман

Sputnik
31 шықәса раԥхьа 1993 шықәса цәыббра 16 рзы аԥсуа ар Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылара иалагеит. Аԥсуа аруаа ақалақь аҿы аплацдарм ҿыцқәа аанкылауа, аӷа дықәырцауан ацәыӡ дуқәа иманы.
Аҳҭнықалақь аҭарцәразы 11 мшы ицоз ажәылара ауадаҩрақәа маҷымкәа иацын. Аибашьцәа ргәы казыжьуаз, убри аан ақалақь шыргоз азы агәрагара рызҭоз, арадио Sputnik аефир аҿы игәалашәарақәа ртәы еиҭеиҳәеит, Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу Баҭал Блаб.
Баҭал Блаб атанктә баталион аҩбатәи арота далан. Агәыԥ дҵас иаман Каман ала аҳҭнықалақь ахь албаара.
"Аибашьраҿы аамҭа цәгьа аныҟазгьы, Аҟәа шҭаҳарцәуаз здыруан. Уи азы агәрагара сыман. Иҳазгома ҳәа ҳхәыцуамызт сҩызцәеи сареи. Ус азҵааара ансырҭозгьы сгәы еихьнашьуан. Амза 18 рзы Гәма ақыҭан ҳҩызцәа зҭатәаз атанк ҳацәҭахеит. Классr аҿы исыдтәалаз ҩыџьа арԥарцәа – Еныкь Гена, Конџьариа Зураб уа иҭан. Убри ҳгәы канажьит, ҳжәыларагьы ианыԥшит, аха адҵа нагӡатәын", - ҳәа игәалаиршәоит аветеран.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.