Кәарцхьиа ҽаҩраҭагалан аныҳәазы: ҳмилаҭтә традициа иатәуп

Sputnik
Аҭоурыхтә ҭыԥ Лыхнашҭа аҟны жьҭаарамзазы ҽаҩраҭагалара аныҳәа мҩаԥгахоит. Жәлар рныҳәа иалахәхоит Гәдоуҭа ақыҭақәеи Афон ҿыц ақалақьи, убасгьы асасцәагьы. Аныҳәа аиҿкааразы араион абиуџьет аҟынтәи ақыҭа-лахәылацәа 50-50- нызқьмааҭ рзоужьуп. Ари аныҳәа ҵакыс иамоуи, уи аиҿкаашьа аҷыдрақәеи ртәы арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит Гәдоуҭа араион ахадара ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Иури Кәарцхьиа.
Сынтәа иҵуеит 40 шықәса Лыхнашҭа ҽаҩраҭагалан аныҳәа еиҿкааужьҭеи, убри аҟнытә еиҳагьы инарҭбааны аусмҩаԥгатә рҽазыҟарҵоит араион анапхгара. Ишаԥу еиԥш Гәдоуҭа иатәу ақыҭақәа ҩажәа рнаҩс, аныҳәа иалахәхоит Нхыҵ-Кавказнтәи. Аиааира амш ашьҭахь ишьақәырӷәӷәахоит аныҳәа анымҩаԥгахо арыцхә, ҳәа азгәеиҭеит Кәарцхьиа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.