Арадио

Аҩӡба Мушьниа Лашәриа изы: аҿар рзы дымҩақәҵаган

Sputnik
Цәыбррамза 29 рзы Аҟәа наунагӡа абзиараз ҳәа иарҳәоит аԥсуа литература аклассик Мушьни Лашәриа. Аԥсны жәлар рпоет анышә дамардоит иқыҭа гәакьа Кәтол. Аԥсуаҭҵааратә институт алитература аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩы хада, афилологиатә ҭҵаарадырракәа ркандидат, адоцент Уасил Аҩӡба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит уи ихаҭара закәыз, аҿар аус шрыдиулоз.
Мушьни Лашәриа — Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа алахәыла иаша, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аԥхьахә алауреат, Шоҭа Русҭавели ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аԥхьахә алауреат, Антон Дельвиг ихьӡ зху аԥхьахә алауреат, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла, СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа ахантәаҩы.
Аԥсны жәлар рпоет, аиҭагаҩ, алитератураҭҵааҩ, "Ахьӡ-Аԥша" аорден актәи аҩаӡареи хыԥхьаӡара рацәала аҳамҭақәеи занашьоу ҳазҭоу ашықәс ажьырныҳәа 16 рзы 86 шықәса ихыҵит. Лашәриа иқәрахь дышнеихьазгьы, гәацԥыҳәарыла иусура иациҵон – амилаҭтә литература ҭиҵаауан, апоезиатә рҿиамҭақәа аԥиҵон, аԥсшәахь Аԥсалтыр аиҭага инапы алакын, Аԥсуаҭҵааратә институт алитература аҟәша напхгара аиҭон.
Уасил Аҩӡба арадиоефир аҿы игәалаиршәеит аҿар аус шрыдиулоз атәы, еиҭеиҳәеит аҵыхәтәантәи реиԥылараҿы излацәажәоз атәы.
"Ипоема "Ашаеҵәа" иаԥхьахьоу иунарбоит, иара аԥсра дшазыхиаз. Дарбанзаалакгьы уи дазхиазароуп, иҟамлар ада зымуа. Аха иара дазыҟаҵан зегь рыла. Убри аҿҳәара аиаанӡа аус зуеит ҳәа даҿын", - ҳәа еиҭеиҳәоит Аҩӡба.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.