Арадио

Ашәарыцаҩ Бигәаа сынтәа ачашәара аамҭазы: иџьашьахәны имҩаԥысуеит

Sputnik
Ачашәара иасакьаҳәымҭоуп, нанҳәамзазы иаатыз асезон хыркәшахоит жьҭаарамза анҵәамҭазы. Ашәарыцаҩцәа рышԥаҽазыҟарҵои ашәарыцара ианынҭыҵуа, сынтәа ачашәара ахьынӡаманшәалоу, уаанӡатәи атрадициақәа ахьынӡеиқәхаз, аԥсқьарцәа лассы ирԥылалома, арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ашәарыцаҩ Шамиль Бигәаа.
"Сынтәтәи асезон даара ибзианы, иџьашьахәны имҩаԥысуеит, ача бзианы имҩасуеит, раԥхьа ашьхара аганахь итәон, уажәы амшын шыҟоу ииасит", - иҳәеит ашәарыцаҩ.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.