Аԥсны

Ԥшьҩык ауаа аахақәа роуит Риҵаҟа узго амҩаҟны амашьынақәа ахьеиҿасыз иахҟьаны

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 29 - Sputnik. Ԥшьҩык ауаа аахақәа роуит Бзыԥтәи аҩхааҿы цәыббрамза 29 рзы амашьынақәа ахьеиҿасыз иахҟьаны. Абри азы Sputnik адырра аиҭеит Гәдоуҭа араион аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа аиҳабы Зосма Гыцба.
Ҩ-автомобилк ааихеит Риҵаҟа узго амҩа 17-тәи акилометр аҿы асааҭ 14:00 рзеиԥш. Аахақәа зауз ахәышәтәырҭахь инагоуп. Урҭ рахьтә ҩыџьа аурышьҭит раԥхьатәи ацхыраара анрырҭа ашьҭахь.
Амашәыр ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы ашьаусԥшааратә гәыԥ аус ауеит. Уи зыхҟьаз аҭҵаара иаҿуп.