413 мши-ҵхи ицоз Аџьынџьтәылатәи еибашьра хыркәшан цәыббрамза 30 рзы. Аиааира аагаразын рыԥсадгьыл рхы ақәырҵеит 1700-ҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи, иара убас иҭахеит шәҩыла аҭынч уааԥсыра. Аԥсны ахақәиҭра азаазгаз ҳаибашьцәа ирхыргаз, изнысыз амҩа атәы арадио Sputnik аефир аҿы иргәаладыршәеит Мрагыларатәи афронт аибашьцәа, Леон иорден занашьоу Ардонбеи Гьемуеи Беслан Кишьмариеи.
Ардонбеи Гьемуеи Беслан Кишьмариеи еибадырит Аҟәа ахақәиҭтәразы аоперациа аҵыхәтәантәи амшқәа рзы. Беслан усҟан ахәра иманы агоспиталь аҿы дышьҭан. Уи аамҭазы Река уахгьы-ҽынгьы иалахысуан танкла. Иара аҭархаразы дырҭахын ауаҩы. Ус еиԥш иҟаз Беслан мацара иакәын. Ардонбеи Беслан агоспиталь дҭыганы адҵа анагӡаразы ацхыраара ииҭар акәын. Уи шыҟалаз атәы, насгьы Беслан 15 шықәса зхыҵуаз аҭыԥҳәа иахьагьы ибла дзыхгылоу уҳәа аибашьра ахҭысқәа шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.