Арадио

Сангәылиа еиҭеиҳәеит Ҷлоуаа рымҩа аибашьҩы Куџев ихьӡ ахҵара зазырӡбаз

Sputnik
Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭа амҩақәа руак ихьӡ ахырҵеит Ҟарачы-Черқьестәылантәи хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз Мураҭ Куџев.
17 шықәса зхыҵуаз арԥыс Аԥсныҟа дааит 1993 шықәса рашәарамзазы. Иан илзынижьит ашәҟәыбӷьыц: "Сан, усқәак сымоуп, хьаас сбымкын. Хԥа-ԥшьба мшы сҟалаӡом. Мураҭ."
Куџев Гәымсҭатәи афронт аҟны деибашьуан. 1993 шықәса ԥхынгәы 4 рзы дызгашаз ахы иқәшәеит.
"Мураҭ абаза ҷкәынан, иара ихьӡ машәыршақә Ҷлоу амҩа иахаҳамҵаӡеит. Уи амҩа ҭырҭәааны абаза ҭаацәарақәа нхон. Ус еиԥш Аԥсны даҽа қыҭак аҟны иҟамызт абазақәа реиланхарҭа", - иҳәеит Сангәлиа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь
Мураҭ Куџев данҭаха ашьҭахь "Агәымшәараз" амедал ианашьан.