Аԥсуа кәадырқәа рцәыргақәҵа акырынтә иҟарҵахьеит амузеи аҿы, аха уажәтәи иаҳа ирҭбаауп, ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Шамԥҳа.
"Аҳәса ркәадырқәа, аседлақәа иаҳа иааҳарԥшуеит уажәы. Дара ахьынтәиааҳгаз, измаз уҳәа рҭоурых деилыркааны ас ирацәаны ауаа ирыдаҳамгалацызт уаанӡа. Аҵәыргақәҵа азкуп Аиааира амш, аветеранцәа. Аҽқәа жәытә-натә аахыс аԥсуаа рҿы хархәагас ирыман. Урҭ ирылаҽырбон, ирылеибашьуан. Аџьынџьтәылатәи еибашьраангьы аҽы цхыраагӡан", - ҳәа лҳәеит Шамԥҳа.
Ацәыргақәҵа аус аулоит мызкы.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.