Арадио

Ҭыжәба еиҭеиҳәеит Гал рцитрустә нхамҩа амцакра ианаҭаз ааха атәы

Sputnik
Гал араион Махәиџьра ақыҭа ацитрус нхамҩа иахьаҵанакуа мышқәак раԥхьа иҟалаз амцакра иахҟьаны мҽхакы ҭбаала аҵлақәа блит. Амцакра ахьыҟалаз аҵакыра ахьынӡанаӡо, а́ԥшәмацәа ироуз ааха, анаҩс иҟарҵо атәы далацәжәеит Гал араион аҿы иҟоу ацитрус ааӡарҭа аиҳабы Генри Ҭыжәба.
Иара иажәақәа рыла, дара рцитрустә нхамҩа мацара 30 -35 гектар рҟынӡа ааха аиуит. Қьырала зынӡа 245 гектар рҟынӡа аҵакыра рымоуп, уахь иалоуп абнақәагьы, ацитрустә баҳчақәа ирыбжьоу адгьыл. Амандариа акәзар 115 гектра рҟынӡа аҵанакуеит, иҳәеит Ҭыжәба.
"Процентла иуҳәозар 15-20 рҟынӡа ааха анаҭеит. Аҵиаақәа рыла иаҳа ааха ӷәӷәахеит, избанзар иаҳа ижәпаны иахьеилагылаз амца ркит. Еиқәхаз иахьа сзалацәажәаӡом, ҿыц абӷьы ылнагаанӡа. Зынӡа иузмырхынҳәо иблыз быжь-нызқь шьаҭа рҟынтәи х-нызқь еиқәырхашьа рымам", - иҳәеит Ҭыжәба.
Иара иажәақәа рыла, сынтәа абылра иахҟьаны 300 тонна инацны амандарина аҽаҩра иагхоит.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.