Аԥсуа напҟазацәа русумҭақәа рцәыргақәҵа мҩаԥысит Тамшь апатриоттә лагер "Афырхацәа рхылҵшьҭрақәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны жьҭаара 1 азы.
Уаҟа ицәырган аӡахҩцәа, ацәаҟаҵаҩцәа, амҿы аус адызуло уҳәа 15-ҩык инареиҳаны анапҟазацәа русумҭақәа.
Аҟазацәа ҿарацәа рыцхыраара аҿартә политика иахәҭакуп. Уи ахықәкы хадас иамоуп аҿар бзиа ирбо аусқәа рынагӡареи аԥара арҳареи рзы алшара рыҭара.
Ацәыргақәҵа алахәыла Илона Кәыҵниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит уи шеиҿкааз, лара ицәырылгаз, асахҭан аус адулараҟны илызцәырҵло ауадаҩрақәа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.