Арадио

Кәарҷиа афестиваль "Аиҩызара ҳәаа амаӡам" азы: аиашьара амца ҳмырцәароуп

Sputnik
"Аиҩызара ҳәаа амаӡам" захьӡу а-Х-тәи Жәларбжьаратәи ашәаҳәаҩцәа рфестиваль мҩаԥысуеит жьҭаара 2 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны. Уи традициала еиҿнакаауеит Кортуа ихьӡ зху Жәлар рҟазара ареспубликатә центр. Афестиваль шеиҿкаау, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуа ақәгыларақәа ртәы еиҭеиҳәеит Ацентр аиҳабы Нури Кәарҷиа.
"Афестиваль иалахәу ашәаҳәаҩцәа реиҳараҩык рашьцәа абра иҳацеибашьуаз роуп. Убас иазаҳаӡбеит аибашьраҿы иҳацызҭгьы аҭынч ԥсҭазаараҿгьы ашәа еицаҳҳәар ҟалоит ҳәа. Ҳфестиваль инанагӡо ахықәкқәа рацәоуп: ҳаиҩызара арӷәӷәара анаҩсангьы ҳкультурақәа еилибакаауа иҟалоит", - иҳәеит Кәарҷиа.
Аконцерт ахәаԥшразы еизгахо аԥара Амилаҭтә сахьатә галереиа аиҭашьақәыргылара афонд иахыԥхьаӡалахоит, иҳәеит Кәарҷиа. Иара иазгәеиҭеит аблеҭ ахәԥса шырацәам.
Аконцерт иалагоит асааҭ 19 рзы.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.