Ԥшьҩык ахшара ран, арҵаҩы Олесиа Кәакәасқьырԥҳа арадио Sputnik адырраҭара "Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп" аҿы еиҭалҳәеит, аҭаацәараҿы аҳәоуеиқәшәара, аицхыраара акырӡа шаҵанакуа, ахәыҷқәа рҵарақәа рнаҩс аҩнусқәа дара-дара ишеихыршо, ауҭраҭых, арахә-ашәахә уҳәа, ақыҭа аус шеиҿкаау.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.