Аԥсны

"Насыԥ сыман": Алхазур Сулеиманов иԥшәмаԥҳәыс Анжела лгәалашәарақәа

Sputnik
Иахьа, ҳтәылаҟны ихьӡ ззымдыруада Аԥсны Афырхаҵа, ҳаԥсадгьыл ашәарҭара ианҭагыла хатәгәаԥхарала Чечентәылантәи иааз, аибашьра аветеран Алхазур Осман-иԥа Сулеиманов. Иара ковид чымазара иахырҟьаны 2022 шықәсазы идунеи иԥсахит. Ари ажәабжь хьанҭа ашьцылара игәакьацәа реиԥш, аԥсуа жәлар иахьагьы ирзымариам. Аибашьра ашьҭахь Алхазур Аԥсны аҭаацәара дшалалаз, иҵәҩаншьап шаирсаз иазкыуп ари аҭоурых. Ажәабжь анҵоуп иԥшәмаԥҳәыс Анжела Сулеиманова лажәақәа рыла.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага Алхазур Осман-иԥа Сулеиманов раԥхьатәи ахатәгәаԥхаҩцәа дрыцны, шьхала Аԥсныҟа дааит. 1992 шықәса, нанҳәа 19 аҽны иан лныҳәаԥхьыӡ иманы иҩызцәеи иареи Гәдоуҭанӡа инаӡеит. Уи нахыс иалагеит иеибашьратә мҩа. Аԥсны аӷа хәымга данажәла, аԥсуа жәлар аешьаратә жәҩахыр акырӡа ргәы шьҭнахит. Ироуит агәыӷра аҭынч ԥсҭазаарахь. Алхазур Сулеиманов ажәыларатә аоперациақәа дрылахәын. Ԥхынгәы 3 1993 шықәсазы ашьхаҳаракыра Ҳабҩықә аԥсуа еибашьцәа ахьтәаз ӷәӷәала аӷацәа рылахысит, иԥжәеит иҵарҵахьаз арҭҟәацгақәа. Ачечен еибашьҩы убасҟан изшьапык имнахит. Инапала анышә иаҭаны, ахьаа бааԥсы чҳауа, дышшьабоз иҩызцәа аӡә иааигәара днамышьҭкәа, ихала мацара Гәымсҭа ахықәахь дылбааит. 13 сааҭ амӷқәеи ахаҳәқәеи ԥынгылас ишимазгьы, иаартыз ихәра ишалалозгьы ичҳаны аԥсуа ган ахь днаӡеит. Иара убраҟа медиаҳәшьас иҟаз, анаҩс Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы иаԥсахаз Мзиа Беиаԥҳа ацхыраара илҭарц днеит. Убраагьы Алхазур ачҳара ааирԥшит. Аԥҳәызба илаиҳәеит раԥхьа иҩызцәа рыхәрақәа ҿалҳәарц.
Хатәгәаԥхарала аибашьра уалԥшьан: Аԥсны Афырхаҵа Асланбек Марзеи игәалашәарақәа
Алхазур Сулеиманов иеибашьратә лшамҭақәа рзы Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы ихҵоуп. Ихҵоуп даԥсацәҟьаны. Иара деибашьуан бџьарла, махәҿыла, гәыла…
Ачечен жәлар рдин азин рнаҭоит, аӡәымкәа аҳәса раагара. Алхазур ҩыџьа аҳәса иман. Аамҭак ашьҭахь аҩбатәии иареи еилыҵит. Урҭ рҟнытә хҩык аԥҳацәа ирызҳаит.
2004 шықәсазы, Алхазур Сулеиманов Аԥсны аҭаацәара ҿыц аԥиҵоит. Динасыԥхоит Гәылрыԥшь араион иалҵыз аерман ҭыԥҳа Анжела Хоџьикиан. Аԥҳәызба иара иаасҭа акырӡа деиҵбын, аха уи ҳатырла, Кавказ ақьабзла еибаркыз аҭаацәара ашьақәыргылара иаԥырхагамхеит. Анжела иаамысҭашәаз аҭаацәара далҵит. Лан дырҵаҩын, лаб дҳақьымын.
"Алхазури сареи ҳаибадырит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҩбатәи акурс аҟны аҵара анысҵоз. Ҳдеканат аҟны ажурнал азы саннеи, иара убра дыҟан. Мызқәак рышьҭахь аҭаацәара аԥаҳҵеит. Сара аҩбатәи иԥшәмаԥҳәыс лыстатус сыдыскылеит, убас ишьҭысхит идин. Аԥсылманра ишаҭәоу еиԥш ишьақәырӷәӷәан ҳҭаацәара алалара "никьахь". Ус ачечен бызшәагьы аҵара салагеит", - лҳәоит Алхазур иԥшәмаԥҳәыс Анжела.
Анжела Сулейманова
Анжела Сулеиманова диплом ҟаԥшьыла ауниверситет афилологиатә факультет, англызи анемеци абызшәақәа рыҟәша далгеит. Аха иаразнак аусура дҭымҵӡеит. Длааӡон лԥа хәыҷы.
"Хамзат дани, Алхазури сареи иҳаӡбеит иқәра анааилак ахәыҷбаҳчахь даҳмышьҭырц, саргьы аусура сышҭымҵуа дызҳаанӡа. Иахьатәи сықәраҟнытә шьҭахьҟа санԥшуа еилыскаауеит, уи шаҟа ииашаз, шаҟа насыԥ ацыз уи аамҭа. Ҳаблаҟны есыҽны изҳауан ҳԥазаҵә Хамзат. Ани аби раҳасабала изҳара агәахәа алаҳхит", - еиҭалҳәоит ан.
Хамзат ашкол данҭала, иангьы аусура дҭыҵит. Уи нахыс арҵаҩра лнапы алалкит. Анжела лзы даара игәышьҭыхган лыԥшәма Аԥсны ҳаҭыр дуӡӡа ахьиқәыз. Рынасыԥ анеиларҵа нахыс, есышықәса, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иадҳәалаз ахҭысқәа раан еиманы, анаҩс рԥа хәыҷы раԥхьа дыргыланы агәалашәаратәи аныҳәатәи аусмҩаԥгатәқәа ирҭаауан.
"Арҭ амшқәа раан, Алхазур аҳҭнықалақь ахь ааԥхьара ирҭон, аха иара бзиа ибон ҳахьынхоз Гагра ақалақь имҩаԥысуаз аусмҩаԥгатәқәа арылахәра. Хамзати сареи иара ҳицзар акәын. Алхазур ибзоурала ҳаргьы ауаа ҳардыруан. Иааины аԥсшәа ҳарҳәон. Уи ҳгәы иаахәон хымԥада", - лажәа иацылҵоит Анжела.
Аԥсны
Сан лчемодан лырхиахьеит: аибашьра аветеран Владимир Коцоев игәалашәарақәа
Анжела аԥа данлыхша, Сулеимановаа рышьҭразы ныҳәак иаҩызахеит. Хамзат дани, ари ахьӡ акырӡа азхәыцра аҭахымхеит. Алхазур, аибашьраҟны иҭахаз иҩыза гәакьа Аԥсны Афырхаҵа Хамзат Ханкаров иаҳаҭыр азы иԥа ари ахьӡ ииҭеит.
"Алхазур дшеибашьуаз, Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахь шимаз ҳанеибадыр ауп ианыздыр. Иеибашьратә мҩа атәы зынӡа алацәажәара бзиа ибаӡомызт. Издыруа ахәыҷгьы иҩызцәа рҟнытә исаҳауаз акәын. Амала иҭахаз иҩызцәа Аԥсны Афырхацәа Хамзат Ханкаров, Куреиш Алаудинов, Мушьни Хәарцкьиа рыхьӡқәа мҳәакәа ҽнак ииасит ҳәа сыҟам", - азгәалҭоит Анжела.
Алхазур аибашьра адәаҟны изшьапык аницәыӡ, уи аамҭазы Аԥсны иҟаз актәи иԥшәмаҳәыс Шовдан имаҵ луан. Игәабзиара ашьақәыргылара дацхраауан. Анжела илҳәоит, Шовдани лареи реизыҟазаашьақәа ҳаҭырла ишеибарку. Хамзат иакәзаргьы лара "нана" ҳәа лаиҳәоит, чечен бызшәала "сан".
"Хамзат иаб, Кавказ ақьабзқәа рыла диааӡон. Сара исмаҳарцаз, абокс азы аҽазыҟаҵарахь данигоз, амҩахь хаҵаҵас иаиҳәон ихы шымҩаԥигаша. Аиҳабацәа ҳаҭыр шрықәиҵаша. Иан дышлызныҟәаша. Иара аспорт ахь дшишьҭызгьы, наҟ-наҟ ихы мацара акәымкәа ицхыраара зҭаххо ауаагьы ихьчарцаз ауп", - лҳәоит ан.
Аԥсны
"Ҳара иаҳқәашьхеит даҽа иааирак азы ақәԥара": аветеран Игор Кокоев иҭоурых
Алхазур Сулеиманов изшьапык шимамызгьы, дхымхәоуп ҳәа изуҳәар иуамызт. Егьараан апротез ишьапы ацәа хнаххьан, аха атәым уаа ракәым, иҭаацәагьы знызаҵәык идимырбеит ихьаа.
Сынтәа хышықәсоуп, Алхазур Сулеиманов иҭаацәа иара ида Аиааира амш иаԥылоуижьҭеи. Анжела илҳәоит, ари арыцхә анааигәахалак џьара дцар шылҭаху, избанзар лгәы лыхьуеит Алхазур ида аныҳәа азгәаҭара.

"Аиааира амш, цәыббра 30-еи нанҳәа 15 ахатәгәаԥхаҩцәа рымши – ҳара аҭаацәаратә ныҳәақәа реиԥш иазгәаҳҭон. Еснагь изӡон аторт. Амитинг аҟнытә ҳанааилак, аҩны ҳаидтәалон. Алхазур иаамышьҭахь аныҳәа агьама азаҵәра ахьыкәкәа иҟалеит. Аха сгәы касыжьыр сҭахӡам. Хамзат изы адәы сықәуп. Иара Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аҩбатәи акурс аҿы аҵара иҵоит. Иаԥхьаҟа, иаб ҩнык изаҩызахаз Аԥсны иԥсҭазаара иациҵар, араҟа аҭаацәара аԥиҵар иҭахуп. Уи аҿы хымԥада сара сивагылазаауеит. Хамзат иахьа иаб ила игәы дууп. Иара дахьиеиԥшу аҟнытә аиҳабыратәи абиԥара иаразнак дахьырбалак дырдыруеит. Алхазур изы ажәа ҟәандақәа иарҳәоит. Уи иаҟара ицнаҵоит", - лҳәоит агәыӷра зцу ан.

Алхазур Сулеиманов ковид чымазара иахырҟьаны идунеи иԥсахит 2022 шықәсазы. Аԥсны Афырхаҵа анышә дамардеит иҭоурыхтә ԥсадгьыл аҟны, иашьеиҳабы иԥсыжырҭа ааигәара.
Анжелеи Хамзати рыԥсҭазаара аҽеиҩнашит уаанӡеи уи ашьҭахьи ҳәа. Аха дара ргәакьацәеи рҩызцәеи ирырҭаз адгылара иабзоураны Алхазур ида аҟазаара иашьцыло иалагеит… Алхазур Сулеиманов иԥсы ҭоуп ҳгәаҟны. Иара ихьӡ ҳҭоурых хьтәы нбанла иануп.
Сажәа хыркәшо исымҳәар ауам, Анжела Сулеиманова лыԥшәма иԥсҭазааратә нысымҩа иазкны ашәҟәы аҩра дшаҿу. Ари иԥшьоу аус аҿы аманшәалара лзеиӷьасшьоит.